Арадио

Габелаиа еиҭеиҳәеит Очамчыра араион аҿы аԥсшьаҩцәа рыдкыларазы лшара ҿыцс иҟало атәы

Очамчыра араион ахадара ааԥын–аԥхын аамҭаз иарбан усутәқәоу иалыркааз, ақалақь арԥшӡаразы иҟарҵо, акурортә аамҭа рышҽазыҟарҵо, лшарақәас сынтәа иаԥырҵараны иҟоу, абарҭқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
Sputnik
Габелаиа иҳәеит Очамчыра амшын аԥшаҳәа аҟны арҽеиратә усурақәа шцо, Аалӡга аӡиас аҟынӡа аԥшаҳәа ишацҵахо, ахаҳә ҟьаԥс ықәҵаны иахәҭоу аусурақәа шымҩаԥырго. Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ иҳәеит атуристцәа иаҳа-иаҳа азҿлымҳара шаадырԥшуа араион аҟны аԥсшьаразы.
"Аиашазы, аҭагылазаашьа маншәалахар ирацәаҩхоит аԥсшьаразы азҿлымҳара аазырԥшуа… Макьана ақьаад усқәа ҳарҿуп, аха аҳәынҭқарра апрограммала ҳраион аҟны Акәасқьеи Кәтоли (Ҭоумышь аҳабла) ақыҭақәа рыҟны аглемпингқәа аатраны иҟоуп", - иҳәеит Габелаиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.