Урыстәыла

"Крокус" аҿы атеракт далахәын ҳәа агәазҩара рымаз даҽа аӡәы дырбаандаҩуп

Красногорск атеракт ҟалеит хәажәкыра 22 рзы. Уи иахҟьаны иҭахеит 144-ҩык рҟынӡа, аахақәа рымоуп 550-ҩык инареиҳаны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Басмантәи аӡбарҭа аӡбрала "Крокус" аҿы атеракт иалахәын ҳәа иԥхьаӡоу ажәеизатәи дырбаандаҩит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Ҭаџьиқьсҭан инхо Шарипзод Мухаммад Зоир аусӡбарҭа аӡбрала дырбаандаҩуп лаҵара 22 рҟынӡа.
Аконцерттә зал "Крокус Сити Холл" аҿы атеракт ҟалеит хәажәкыра 22 рзы. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла уаҟа иҭахеит 144-ҩык рҟынӡа, аахақәа рымоуп 550-ҩык инареиҳаны.
Уаанӡа, аӡбарҭа ари аус иалахәу жәҩык арбаандаҩхьан, иара убас урҭ рыбжьара ԥшь-ҩык атеракт назыгӡаз ҳәа агәазҩарас иҟоуп. Мшаԥы 1 азы Даӷьсҭан иаанкылан ԥшь-ҩык аҳәаанырцәуаа, аусҭҵаара адыррақәа рыла дара ԥаралеи бџьарлеи еиқәдыршәон.
Урыстәыла
"Крокус" аҿы атеракт иалахәыз ҳәа иԥхьаӡоу аӡәы иҭел аҟны ирԥшааит украина абираҟ асахьа