Урыстәыла

"Крокус" аҿы атеракт иалахәыз ҳәа иԥхьаӡоу аӡәы иҭел аҟны ирԥшааит украина абираҟ асахьа

Арҭ адыррақәа атеракти арратә операциа ҷыдеи шеимадоу шьақәдырӷәӷәар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. "Крокус Сити Холл" аҿы атеракт иалахәыз ҳәа иԥхьаӡоу аӡәы иҭел аҟны ирԥшааит украинатәи асимволика асахьақәа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Аусҭҵааратә хеилак.
Иазгәаҭоуп "Крокус Сити Холл" атеракт амҩаԥгаразы аҭыԥ шалхыз ахылаԥшҩы инапынҵала. 2024 шықәса жәабран 24 рзы, арратә операциа ҷыда ианалагаз амш аҽны, ацәгьоура алахәылацәа руаӡәк изаашьҭын "Крокус" ахыбрахь анеирҭеи аҩналарҭақәеи рсахьақәа рыскриншотқәа.
Атеракт украинатәи амаҵзура ҷыдақәеи аԥсылмантә террористтә еиҿкаарақәеи алахәу иалахәыму аҭҵаара иацырҵоит.