Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Қаџьаиа аӡы аҭыжьразы азауад иазкны

Бабышьира ақыҭан аԥаҭлыка иҭоу аӡы аҭыжьраз азауад дыргылоит. Ари аус шеиҿкаахаз, насгьы араион ауааԥсыра рзы феидас иалоу атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит анаплакы адиректор хада Алхас Қаџьаиа.
Sputnik
Азауад мызқәак рышьҭахь иргыланы иалгоит. Уажәы атехника ала аибыҭара иаҿуп, ишьақәзыргылогьы аараны иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Қаџьаиа. Анаплакы аиҳабы иара убасгьы дазааҭгылеит апроект шииз атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.