Красноиарск атәылаҿацә имҩаԥысуа жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа ирылахәуп Аԥсны атәылахьчара иатәу акомандагьы. Ҳтәылазы иқәгылоит Санкт-Петербург арратә ҵараиурҭаҿы аҵара зҵо. Аԥсны атәылахьчара аминистрра акоманда азыҟаҵаҩ Шабаҭ Гәниа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәмаррақәа шеиҿкаахо атәы.
Аруаа ишраҭәо еиԥш ҳәаӷәӷәоуп, ҳшьымхқәа ҵаруп, ҳгәы еиҭаԥом, ҳәа азгәеиҭеит Шабаҭ аиҿцәажәараҿы.
"Ҳкоманда даара ибзианы иазыҟаҵоуп. Аицлабрахь иаанӡа ҩымз аинститут аҿы аҽазыҟаҵарақәа ирхысуан. Ашьхаҭыԥқәа рахь ицон, ахәмаррақәа рҿы иҟало адҵақәа рыла рыҽԥыршәон. Дара Аԥсны ахьӡала иахьықәгылоу даара еиӷәырӷьоит, рыԥсадгьыл ахьӡгьы ҭыргарц рҭахуп. Зынӡа иааидкыланы быжьҩык арԥарцәа ыҟоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәниа.
Аԥснытәи акоманда азыҟаҵаҩ еиҭеиҳәеит аицлабрақәа шымҩаԥысло, насгьы аруаа ашьхатә ҭыԥқәа рҿы ирзыԥшу аԥынгылақәа ртәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.