Апедагогикатә институт аиҵбыратә классқәа рырҵага шәҟәқәа реиқәыршәара аӷәыԥ аҭҵаарадырратә усзуҩы Фросиа Хаҳәбиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, иахьа аԥсуа ахәыҷтәы литература иаҭагылазаашьоу, насгьы уи ахәыҷы идунеихәаԥшра ашьақәыргылараҿы инаныгӡо ахықәкы атәы.
Аԥсуа хәыҷтәы литература аҿиара амҩа иануп ҳәа азгәалҭеит Хаҳәбиаԥҳа арадиоефир аҿы.
"Иара ахыҵхарҭаҿы игылаз Дырмит Гәлиа днаивагылеит Андреи Ҷоҷуа. Арҵагатә бызшәа аҟынӡа ахәыҷқәа рзы абызԥҽыгақәа, ацуфарақәа, еиуеиԥшым ажәахәмаррақәа ажәытә аахыс аԥсуаа ирыман, идырҿион ахәыҷы иқәнагахаша алитература. Ирацәаны арҿиамҭақәа еиқәханы иҟоуп, аха иҳацәцазгы маҷым. Иахьа ирацәоуп ахәыҷқәа рзы иҭрыжьуа, уи ҟәнушьо иҟам", - ҳәа лҳәеит Хаҳәбиаԥҳа.
Лара убасгьы дазааҭгылеит ахәыҷы идунеихәаԥшра ашьақәыргылараҿы ахәыҷтәы литература ҭыԥс иааннакыло.
"Аԥхьаҩ иааӡара ахыҵхарҭа ахьыҟоу иара аҭаацәа рыҩнуҵҟа ауп. Уаҟоуп абызшәа ахьииуа иахьыҿиауа. Арҵараҿы иуцурхрааша ахәыҷтәы литература ҿианы иҟоуп", - ҳәа лҳәеит аҭҵаарадырратә усзуҩы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.