Арадио

Акаба еиҭеиҳәеит Џьал иалсуа амҩа иахьазы цхыраарас иарҭаз араион ахадара

Sputnik
Џьал иалсуа амҩа шеиҭашьақәдыргыло, ари азҵаарзы ауадаҩрақәа рымоуижьҭеи шаҟа ҵуа, уажәы ицо аусрақәа рхаҭабзиара, нҵырас ироуа, уи анаҩсгьы ақыҭаҿы уадаҩрас иҟоу арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Џьал ақыҭа ахада Алиас Акаба.
"Ари азҵаара акыр ахыҵуеит. Изныкымкәа ҳрыдҵаалахьан араион ахадара, Аԥсны ахадацәа. Ҳазыԥшын акаҭранмҩа, аха иахьазы имаҷымкәа аԥара аҭахуп, убри аҟынтәи ирылшаз араион ахадара амҩа абӷанҷ ақәыԥсара ауп. Уи азы иҭабуп идуӡӡаны ҳәа расҳәар сҭахуп аџьабаа адызбало зегьы, ахаҵгылара азҭаз", - иҳәеит Акаба.
Иара иазгәеиҭеит, абӷанҷ зқәырыԥсуа амҩа иагьа ибзианы иҟауҵаргьы, анҵыра дук шамаиуа ақәоурақәа рышьҭахь. Абӷанҷ ала идыриашо амҩа аура 22 километра иназынаԥшуеит, Џьал мацара иаҵанакуа 17 километра ыҟоуп ҳәа иҳәеит Акаба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.