Ԥақәашь ақыҭа анхаҩы, арҵаҩы Баҭал Ҳашба арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп" дасасуп. Аиҿцәажәараҿы иара еиҭеиҳәеит, иахьа ақыҭа гәыгәҭажьны иҟоуп ҳәа агәаанагара зимоу, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭиразы алшарақәа шыҟоугьы уи ишақәнагоу нап шадкылам.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.