Аԥсны

Ҳаири Қәҭарба атәым дгьыл аҿи иԥсадгьыл аҿи иԥсҭазаашьа иазкны

Sputnik
Ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, апублицист, ауаажәларратә усзуҩ Ҳаири Қәҭарба иахьа 65 шықәса ихыҵит. Ҳаири Қәҭарба — амҳаџьырқәа рхылҵшьҭра, диит Диузџьа иаҵанакуа Есмаҳаным ақыҭан, уажәшьҭа 15 шықәса инареиҳауп иԥсадгьыл Аԥсны дынхоижьҭеи. Иирамш аҽны ааԥхьара иҭан арадио Sputnik Аԥсны ахь. Гәыкала имҩаԥысыз аиҿцәажәара шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭаҟны.