Ҳаири Қәҭарба диит Дузџьа ақалақь иаҵанакуа ақыҭа Есмаҳаным. Дхәыҷаахыс афольклор дазҿлымҳан, ихатә ҩымҭақәеи алакәқәеи аԥиҵон дызлиааз ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рышьаҭала. 1990 шықәсазы иҩызцәеи иареи еиҿыркааит ашәҟәҭыжьырҭа "Нарҭ", уаҟа иҭыҵуан хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа-адыга жәларқәа рыӡбахә зҳәо ашәҟәқәа, адиаспора авторцәа рсахьаркыратә ҩымҭақәа. Редакторс даман "Алашара" ҳәа иҭыҵуаз ажурнал. Аҭырқәшәахь еиҭеигеит аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩцәа Иури Аргәыни Гьаргь Амҷбеи русумҭақәа.
Ҳаири Қәҭарба аҭырқәшәахь еиҭеигеит Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах". Тираж дула Сҭампыл хаз шәҟәны иҭижьит (1990 ш.). Амҳаџьырра ахҭысқәа ирызкуп инеиҵыху иара иҭоурыхтә романгьы "Сыхдырҵәеит, сыхҵәараххеит", аԥсышәала иҭыҵит 2011 шықәсазы (еиҭ. Октаи Ҷкотуа).
Ҳаири Қәҭарба цҳаны дрыбжьоуп амшын еиҟәнашаз аԥсуа жәлар, иԥсадгьыл акультура-уаажәларратә ԥсҭазаара аӡәы ҳәа далагылоуп.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.