Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Амчыбжь иалагӡаны 21-ы украинатәи асолдаҭцәа рхала урыстәылатәи аруаа рыҽрырҭеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥымза 12 – Sputnik. Амчыбжь иалагӡаны 21-ы украинатәи асолдаҭцәа рхала урыстәылатәи аруаа рыҽрырҭеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Мчыбжьык аҩнуҵҟа украинатәи аруаа 21-ы украинатәи асолдаҭцәа рхала урыстәылатәи аруаа рыҽрырҭеит", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 583 ҳаирыплан, 270 вертолиот, 20604 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 500 зенит-ракетатә комплекс, 15761 танки акәылӡымашьынеи, 1266 реактивтә система, 8836 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи. арратәтехника 20910 ак.