Аԥсны

Асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы.
Выставка молодых художников открылась на площади имени Сергея Багапш в Сухуме
Уа ицәыргоуп Аԥсны Аҿар реиҿкаара алахәылацәа, ҿыц аҿыханҵа знапы алазкыз арҿиаҩцәа қәыԥшцәа, ААУ аҟазарақәа рфакультет астудентцәа русумҭақәа. Дара раԥхьаӡа акәны рсахьақәа ауаа рахь ицәырыргеит иҳәеит Аԥсны Аҿар реиҿкаара ахантәаҩы Игнат Копылов.
Выставка молодых художников открылась на площади имени Сергея Багапш в Сухуме
Алекциа "Аҟазара ашьаҭақәа" еизаз дырзаԥхьеит Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа. Ацәыргақәҵа алахәылацәеи аҭааҩцәеи алшара рыман еиҿцәажәарц, ажәахә ҟазҵоз азҵаарақәа ирҭарц.
Выставка молодых художников открылась на площади имени Сергея Багапш в Сухуме