АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аԥсны алашара арцәара аамҭа дыркьаҿуеит ф-сааҭк рҟынтәи ԥшь-сааҭк рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Уи зыбзоуроу ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҿы аремонттә усурақәа хыркәшаны аусура иахьаладыргаз ауп.
ЕгрыГЕС адеривациатә туннель 8-тәи км аҟны аҭӡы ԥхасҭахеит, атурбинатә хәҭа абетонтә пҽыхақәа ҭаҳан, уи иахҟьаны астанциа амҭала аусура аанкылан.