Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Какәыбаа Очамчыра ақыҭанхамҩа аҿиаразы сынтәатәи апроектқәа ртәы

Sputnik
Ақыҭанхамҩа аҿиаразы аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны ари ашықәс азы Очамчыра араион аҿы 154 проект аус рураны иҟоуп. Урҭ арбанқәоу, сынтәа иаҳа аԥыжәара зауз, насгьы анагӡаразы лшарақәас анхацәа ироуа атәы, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭенгиз Какәыбаа.
Очамчыра иқәынхо ауаа 260 проект араион ақыҭанхамҩа аусбарҭахь инаргеит, урҭ аус рыдуланы Ақыҭанхамҩа аминистррахь инашьҭын, иҳәеит Какәбаа. Аҳәынҭқарратә комиссиа алахәцәа 154 проект адгылара арҭеит. Уи ԥарала 43 миллиони 990 нызқь мааҭ артәоит, иҳәеит Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы. Иаҳа аԥыжәара рымоуп ашәырқәа реиҭаҳара, абаҳчақәа раԥҵара иадҳәалоу апроектқәа, иҳәеит Какәыбаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.