Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Амобилизациазы азакәан Украина аекономика еиланажьуеит ҳәа иҳәеит Рада адепутат

Sputnik
МОСКВА, мшаԥы 15 - РИА Новости. Украина Апарламент иаднакылаз амобилизациа арӷәӷәаразы азакәан апроект Украина аекономикеи афинанстә системеи еилаԥыххаа иқәнаҵоит ҳәа иԥхьаӡоит украинатәи Рада адепутат Дмитри Разумков Telegram-канал аҟны.
"Украинатәи Рада иаднакылаз амобилизациазы азакәан аԥсадгьыл ахьчаҩцәа роума, урҭ аибашьра адәаҿы изыԥсахуа роума иарбанызаалак гәазыҟаҵарак рынаҭом", - иҩуеит Разумков Telegram-канал аҟны.
Иара иҳәеит азакәан апроект аҿы ишарбам аруаа аррантә роужьра, реиҭакра, аԥарашәара. Иара иажәақәа рыла арратә ҭаҩрахь имнеиз аконсултә маҵзурақәа рымҭара Украина иатәылауаау аибашьра ашьҭахь аҳәаанырцә раанхарахь икылнагар ҟалоит.
Верховнаиа Рада мшаԥы 11 азы амобилизациаз азакәан аднакылеит. Адокумент хықәкыс иамоуп амобилизациа амҩаԥгара арӷәӷәара, иара убасгьы арра ацара мап ацәызкуа еиҳа имҽыӷны рахьырхәра. Апроект ҿыц аррамаҵзура ахысра зыхәҭоу украинаа 60 мшы рыҩнуҵҟа арратә комиссариатқәа рҟны ашәҟәы рыҽҭаргаларц рыднаҵоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аибашьрахь зцара ԥку ҳәа иԥхьаӡо украинаа аиҭакомиссиа иахрыжьуеит
Уи азы ахаҿы хаҭала арратә комиссариат ахь днеироуп мамзаргьы "аелектронтә кабинет" аҿы ашәҟәы иҽҭеигалароуп. Арранаԥхьараз ааԥхьашәҟәы ахаҿы иҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ахаҿы иара имбацзаргьы, хаҭала иҭара шалымшаз азы аштамп анақәыргылаха инаркны.
Украина Арбџьармчқәа рахь ауаа рнаԥхьаразы иҟаз азакәан дырӷәӷәеит. Адокумент хықәкыс иамоуп амобилизациа амҩаԥгара арӷәӷәара, иара убасгьы арра ацара мап ацәызкуа еиҳа имҽыӷны рахьырхәра. Апроект ҿыц аррамаҵзура ахысра зыхәҭоу украинаа 60 мшы рыҩнуҵҟа арратә комиссариатқәа рҟны ашәҟәы рыҽҭаргаларц рыднаҵоит. Уи адагьы 18-60 шықәса ирҭоу атәылауаа арра-ҭаҩратә документқәа еснагь ирыцзароуп, иахәҭаны ианыршьо амчра амаҵзуҩцәа иддырбаларц азы. Анаԥхьара анашьҭра ҟалоит арра иргараны ишьоу ауаҩы иелектронтә кабинет ахархәарала.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Рада аҟны Украина аррахь амобилизациазы азакәан дырӷәӷәеит