Арадио

Аԥсны еицырдыруа ауаа: Џьопуа Александр Ҭариа изкны

Sputnik
Ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩы, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аветеранцәа рхеилак ахантәаҩы, Аҳәынҭқарратә музеи 30 шықәса аинарзынаԥшуа амаҵ азызухьаз Александр Ҭариа диижьҭеи иахьа 100 шықәса ҵит. Аԥснытәи аҳәынҭкарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы уи дигәалаиршәеит.
Александр Ҭариа Аџьынџьтәылатә еибашьраан иааирԥшыз агәымшәаразы, агәаӷьразы ианашьан амедалқәа – Агәымшәаразы, Кавказ ахьҷаразы, Германиа аҿагылараҿы игаз аиааиразы уҳәа.
Амузеи аҿы иџьабаа дуӡӡаны иҟан, аус зуа зегьы ихааӡа дыргәалашәоит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Џьопуа.
"Иасҵаз ахәыҷы ак ыҟан иҟазар, амузеи аҿы аусура аганахьала, иара иоуп изҿысҵааз. Иара ииҳәоз узавалаӡомызт", - иҳәеит Џьопуа.
Александр Ҭариа иџьабаа дууп аибашьра ашьҭахь амузеи ҿыц аусура аиҭаларагара аганахьала, иара ибзоуроуп уа аиҭашьақәыргылыратә усурақәагьы рымҩаԥгара, иамаз аҵакы аиҳабыра идеилыркааны уи ас иазааит ҳәа еиҭеиҳәоит Џьопуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.