Аԥсны

Ашәба еиҭеиҳәеит ақьырсиан динхаҵара иадҳәалоу ашәҟәқәа аԥсшәахь ишеиҭеигоз

Sputnik
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысит "Аԥааимбар Иона ишәҟәи" "Аевангелие Лука иҟынтә ажәамаанақәа ԥшьбеи" еидызкыло аԥсшәахь еиҭагоу ашәҟәқәа рӡыргара. Ашәҟәқәа ҭыжьуп Москва Абиблиа Еиҭагара Аинститут аԥшьгарала. Атираж зқьы-зқьы цыра ыҟоуп.
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ақьырсиан динхаҵара иадҳәалоу ашәҟәқәа аԥсшәахь ишеиҭеигоз. Аҭыжьымҭа адинҵаратә редактор — аҵарауаҩ, адинҭҵааҩы Џьеимс Хамԥсон.
Аӡыргара иалахәын Москва Абиблиа Еиҭагара Аинстуит адиректор Бронислава Кливер, Москва Абиблиа Еиҭагара Аинститут аусзуҩцәа.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭҟны.