Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: аполитолог Ааигәа Мрагылара ицо аибашьра иазкны

Ирани Израили рыбжьара аибашьра аҽарӷәӷәо иалагеит. Аполитолог Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Ааигәа Мрагылара имҩаԥысуа ахҭысқәа ахҳәаа рыиҭеит.
Sputnik
Иаахәыҵҟьан иҟалаз аҵыхәтәантәи ажәыларақәа аҩтәылак рганахьала аӡәырҩы Аибашьра ду алагара еиԥшныршьалоит, аха абраҟа еилкааны иҳамазароуп, аҳәынҭқарра дуқәа ринтересқәа зеиԥшроу, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҳагба.
"Сынтәа Америка далырхыроуп ахада. Дара изларҳәо ала Мрагылара еибашьра дуӡӡак аҟалара ринтересқәа ирықәшәаӡом. Иара Ирангьы Израиль аҽаанакылар, уаҳа ашьаҿақәа шыҟарымҵо атәы рҳәоит. Уажәы уа аибашьра ду ахәыҵҟьаразы аҳәынҭқарра дуқәа аинтерес рымаӡам", - азгәеиҭеит аполитолог.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.