Урыстәыла

Памфилова алхрақәа рҟны аиааира згаз Владимир Путин Урыстәыла ахада иршаҳаҭга илҭеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Урыстәыла АКХ ахада Елла Памфилова алхрақәа рҟны аиааира згаз Владимир Путин Урыстәыла ахада иршаҳаҭга илҭеит.
Алхрақәа реихшьаала зеиԥш ҟамлацыз арбага аадырԥшит ҳәа лҳәеит Памфилова.
Владимир Путин Елла Памфилова лусуразы иҭабуп ҳәа леиҳәеит.
Хәажәкыра 15, 16, 17 рзы имҩаԥысуаз Урыстәыла ахада иалхрақәа раан аԥкаанҵақәа зегь ангәарҭа ашьҭахь 87,28% иманы аиааира игеит Владимир Путин.