Урыстәыла

Урыстәыла Абанк хада аԥснытәи "Кибит-банк" аккредитациа анаҭеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Урыстәыла Абанк хада аԥснытәи "Кибит-банк" аккредитациа анаҭеит. Абри азы ашәҟәҭаҩра мҩаԥган АХ Урыстәыла иҟоу аҳәаанырцәтәи акредиттә еиҿкаарақәа аккредитациа рыҭаразы асиа аҿы.
Ари "Амра-банк" ашьҭахь урыстәылатәи аҭышәныртәалаҩ аккредитациа ззыҟанаҵаз аԥснытәи аҩбатәи банкуп.
Иахьазы АХ ареестр аҿы 24 ҳәаанырцә банк аккредитациа рыҭоуп.