Абӷархықә инхо Анзор Смыр еиҭеиҳәеит акакан аарыхра заԥшьигаз, шаҟа шьапы ара еиҭаҳаны имоу, абаҳчааӡара знапы алазкуа уадаҩрақәас иԥынгыло, ақыҭа иахьа анхара ҭыԥ анаҩсгьы аҵакы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.