Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гергаиа аҵыҵындра сынтәатәи аҽаҩра иазкны

Sputnik
Сынтәа аҵыҵындра аҽаҩра зеиԥшроу, аиҭаҳара, ахәшәтәра, аарыхра иацу акәамаҵамақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Кациқыҭ инхо Реваз Гергаиа.
Ԥшьышықәса раԥхьа Гергаиаа рҭаацәа аҵыҵындра ааӡара иалагеит. Сынтәа актәи анапаҿы 150 кьыла рҟынӡа ҿырхит. Аџьармыкьаҿы инаганы 220-250 мааҭ ҳәа еизакны ирҭиит, иҳәеит Реваз Гергаиа. Аҵыҵындра 50 нызқь шьаҭа инацны иҟоуп, иҿызхуа 5 кьылак зкуа акәалаԥ азы 100 мааҭк ирҭоит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.