Аԥсны акультура аминистрреи Гәылиа илитература-мемориалтә музеии имҩаԥыргоит Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра азгәаҭара иазку апроект. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иарбан усмҩаԥгатәқәоу еиҿыркаауа, ишымҩаԥысуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Гәылиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Қәарсаииаԥҳа.
Ари ашықәс иалагӡаны ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҿы имҩаԥысуеит Д. Гәлиа иҩны-амузеи анҭыҵтәи ацәыргақәҵақәа. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны раԥхьатәи аусмҩаԥгатә еиҿкаан Очамчыратәи акультуратә хан ахыбраҿы. Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аусзуҩцәа рымчала Гәлиа инысымҩеи ирҿиареи ирызкыз аамҭалатәи ацәыргақәҵа дырбан. Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу Аҳәынҭқарратә оркестр аконцерт мҩаԥнагеит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.