Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Анемец танк Leopard Поклоннаиа ашьхаҿы имҩаԥгахо ацәыргақәҵаҟны иддырбоит

Арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа ирымԥыхьашәаз арратә техника рцәыргақәҵа аатуеит лаҵара 1 азы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. Анемец танк Leopard, арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа ирымԥыхьашәаз, Москва, Поклоннаиа ашьхаҿы имҩаԥгахо ацәыргақәҵаҟны иддырбоит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа ирымԥыхьашәаз арратә техника рцәыргақәҵа еиҿнакаауеит Москва, Поклоннаиа ашьхаҿы", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Аҭааҩцәа иара убасгьы ирбар рылшоит трофеи ҳасабла игоу егьырҭ мраҭашәаратәи атехникагьы: аршьаҟауаа рмашьына Marder – Германиа иҭыжьу, аршьаҟауаа ркәылӡы машьына Bradley – Америка иҭыжьу, БМП CV90 – Швециа иҭыжьу, акәылӡмашьына АМХ-10RC – Франциа иҭыжьу.