Адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҟны еиҭазыхынҳәит Аԥсны ашьауӷатә закәанеидкыла 124-тәи ахәҭаҷ, уи ауаҩы аиакәым, иҟам-ианым ацәгьа ихҳәаара иазкуп. Аԥсны Жәлар Реизара аҳәынҭқарра азинтә политикатә хеилак аҿы иахәаԥшуан уи азҵааразы ашьауӷатә закәанеидкыла арҽеирақәа рвариантқәа ҩба - Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи апарламент аилак ахада Дауҭ Хәытабеи рлагалақәа.
Уаанӡа Аԥсны апрокуратура хада ари азакәан ахәҭаҷ иалагалатәу ҳәа апарламент ахь инанашьҭхьаз арҽеирақәа шьҭахьҟа идыргьежьит.
Астудиаҿы Аԥсны ашьауӷатә закәанеидкыла 124-тәи ахәҭаҷ арҽеирақәа ралагалара азҵааразы ргәаанагара рҳәеит Аԥсны аиустициа аминистрс, Жәлар Реизара адепутатс иҟаз, ауаажәларратә усзуҩ, азиндырҩы Баҭал Табаӷәуа, Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы аппарат ахаҭарнак, азиндырҩы Асҭан Ҳашыг, Аԥсны апрокуратура хада Аԥшааратә усбарҭа 2005 - 2015 шықәсқәа рзы напхгаҩыс иҟаз, уажәы адукат иаҳасабала аус зуа азиндырҩы Џьамал Гогьиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.