Аконгресс аусзуҩцәа зегьы иҳамоуп алшара ҳаԥсуара аиқәырхаразы ҳаиҳабы апроектқәа идгалара ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Хәыаба.
"Схаҿы иааит аԥсуа хьыӡқәа рыларҵәара апроект. Иахьа иаҳа аԥыжәара зырҭо зынӡа даҽакхеит. Ихәыҷызаргьы убри ашьаҿала ҳахьыӡқәа ӡыраҳгарц ҳаӡбеит. Абуклетқәа ҳшоит ахшараиурҭақәа рҿы, ахәыҷы иира иазыԥшу аҳәса ргәабзеира ахьгәарҭо аҭыԥқәа рҿы, иара убас аҭарқәа рҿгьы. Асиаҿы иҟоуп аҳәса хьыӡқәеи ахацәа хьыӡқәеи. Аԥсуа цәаҩа змоу ахьыӡқәа арбоуп. Агәыӷра ҳамоуп азҿлымҳара аиуп ҳәа. Ахәыҷы ииуа ахьыӡ изалхра азҵаара зҿаԥхьа игыло асиа даара ирзаманшәалахоит", - ҳәа лҳәеит Хәытаба.
Апроект автор еиҭалҳәеит, ахьыӡқәа шеизыргоз, ишҭырҵаауаз.
"Ахьӡқәа ҳхы иҭаҳамҳәааӡеит, дара зегьы ҭоурыхк-ҭоурыхк рымоуп. Ахьӡқәа ирызку ашәҟәқәа ҭаҳҵаауан, аетнографцәа ҳрыҿцәажәон. Иарбан хьӡызаалак ус баша асиа ианымлаӡеит", - ҳәа лҳәеит Хәытаба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.