АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. 1941-1945 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны игаз Аиааира 79 шықәса ахыҵра иазку акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аԥсны лаҵарамза 9 рзы имҩаԥысуеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аиҳабы Дмитри Федотов.
Амҩасра еиҿыркаауеит Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра.
Гагра, акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" адагьы имҩаԥысран иҟоуп еиҿкаау автоныҟәара.
Гал акәзар, лаҵарамза 8 рзы "Агәалашәара абаҳча" захьӡу аусмҩаԥгатә еиҿыркаауеит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аибашьра Ду аан иҭахаз рбаҟа акәша-мыкәша акипарисқәа еиҭарҳауеит иҳәеит Федотов.
Иара иазгәеиҭеит ареспубликаҿы ишахӡыӡаауа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иадҳәалоу агәалашәарақәа, иара убас агәаҳәара змоу зегьы "Ԥсра зқәым архәҭа" рҽаладырхәырц.