Иҭыҵит жәа-томкны иҟоу аԥсуа нарҭаа рҳәамҭақәа рҟынтәи ааба ашәҟәҭыжьырҭа "Academia" аҟны. Ас еиԥш апроект аԥсҭазаара аларҵәара ахшыҩҵак давторуп Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба. 1020 текст згәылоу ашәҟәқәа еиқәыршәоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, афольклорҭҵааҩы Зураб Џьапуа иредакциала. Акыршықәса ицоз аус алҵшәа атәы, зџьабаа аду, апроект аҵакы атәы, арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аредактор-аиқәыршәаҩ, академик Зураб Џьапуа.
"Ари даараӡа имариаӡамызт, избанзар акыр зымҽхазкуа, акырзҵазкуа милаҭтә проектын аԥсуа ҳәынҭқарразы, аԥсуа жәлар рдоуҳатә дунеи азы", - ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.