Аԥсны

Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат ConIFA 2024 ҳаԥыхьаҟа ииаргеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат ConIFA 2024 ҳаԥыхьаҟа ииаргеит арегион аҿы ишьақәгылаз иҭышәынтәалам аполитикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны.
Атурнир мҩаԥысраны иҟан рашәарамза 25 инаркны ԥхынгәымза 6 рҟынӡа Ирактәи Курдистан. Уи иалахәын 14 команда, Аԥсны еизгоу акомандагьы убрахь иналаҵаны.
ConIFA алахәылацәеи аиҿкааҩцәеи ргәы иҵхон ашәарҭадара азҵаара, арегион аҿы ишьақәгылаз иҭышәынтәалам аполитикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны.
"Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит ачемпионат мҩаԥызго атәыла Курдистан ахаҭарнакцәеи алахәылацәеи реилацәажәарақәа рышьҭахь", — рҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аилак аҿы.