Аихамҩатә аангыларҭа "Ԥсырӡха" наџьнатәаахыс аԥсшьаҩцәа рыбла хызкуаз, азҿлымҳара ззыруаз ҭыԥуп. Аангыларҭа ргылан 1944 шықәсазы аӡиас Ԥсырӡха ахықәан, Афонҿыцтәи аӡеизакырҭа азааигәара. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аплатформа хьӡыс иаман "Дача", "Агараки", 1967 шықәсазоуп "Ԥсырӡха" анахьыӡха.
Аибашьра ашьҭахь зхыԥхьаӡара рацәоу аханқәа реиԥш, ари астанциагьы хылаԥшрада иаанхеит, аха иахьа иара аҩбатәи аԥсҭазаара азҭарц зыӡбаз гәыԥҩык аусдкылаҩцәа рхықәкы шьаҿа-шьаҿа азнеира иаҿуп. Убарҭ ируаӡәку Елана Џьопуаԥҳаи, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа знапы рылаку Арсоу Берзениеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит рҿаԥхьа иқәдыргылаз ахыдҵа аус шадыруло атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.