Урыстәылазегьтәи афорум “Пик возможностей” мҩаԥысуеит арҭ амшқәа рзы Лада Новгород, уи иалахәуп Аԥсны аҿаргьы. Аусмҩаԥгатә ахырхарҭақәеи, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаау аԥышәеимдара, ҳҿар уахь рцара шалыршахаз, ирнаҭо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит афорум алахәыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Амҷба.
Лада Новгород имҩаԥысуа Урыстәылазегьтәи афорум иалахәуп аурыс ҳәынҭқарра арегионқәа 89. Аԥсны ахаҭарнакцәа уи алахәхарала жәларбжьаратәи астатус аиуеит ҳәа иҳәеит ицәажәараан Руслан Амҷба. Афорум алахәцәа рхыԥхьаӡара 1500-ҩык рҟынӡа инаӡоит, Аԥснынтә ԥшьҩык аҿарацәа алахәуп.
Ас еиԥш афорумқәа рҟны еилукаауа рацәоуп, ухәыцшьа аҽарҭбаауеит, аԥышәа ҿыц унаҭоит иҳәеит Амҷба.
"Афорум зызку агрантқәа рыҩроуп. Апроектқәа еиуеиԥшым ӡырыргар рылшоит. Ҳара иҳалшаӡом урҭ апроектқәа рҟны аиааира агара, аха иҳалшоит рҩышьа аҵара, еиуеиԥшым ақәгыларақәа ирызку аӡыргарақәа рыҟаҵара", - иҳәеит Амҷба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.