Аԥсны афырхаҵа аинрал – леитенант Владимир Аршба диижьҭеи иахьа 65 шықәса ҵит. Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ аинрал-леитенант Лизберт Поцхороӷлы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира аагараҿы Аршба илагала атәы, дазааҭгылеит илаз аҟазшьақәа ртәы.
Владимир Аршба Аиааира ауасхыр азышьҭасҵаз дыруаӡәкуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Поцхороӷлы.
"Имаҷны ашьакаҭәара ҟаҵаны, ҳганахьала Аиааира аазгаз дреиоуп Владимир Аршба. Иара ажәыларақәа рахьгьы дныҟәон, урҭ реиҿкаараҿгьы дыҟан. Иџьабаа дууп", - ҳәа иҳәеит иара.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Владимир Аршба диит лаҵарамза 8 1959 шықәсазы Қарҭ ақалақь аҟны. 1980 шықәсазы далгоит Қарҭтәи иреиҳаӡоу артиллериатә командаҟаҵаратә ҵараиурҭа. Германиа игылаз асовет ар дрылахәын.
1991 шықәсазы Владимир Аршба Тҟәарчал ақалақь арратә комиссарс дҟаҵан. 1992 шықәсазы – Аҩнуҵҟатәи ар рполк аҷыда ҟазшьа змоу абаталион акомандирс дыҟан. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәылан.
1992 шықәсазы Аршба Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩыс дҟан, 1992 шықәса жьҭаара 11 инаркны Аԥсны Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа неигӡон.
1992 шықәсазы дхәын.
1993 ш. – Аԥсны Атәылахьчара аминистр.
1993 шықәсазы арратә зҵаарақәа рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иабжьгаҩс дҟаҵан, аамҭақәак рышьҭахь Аԥсны Арратә комиссарс дҟаҵан.
2008 – 2009 шш. рзы Владимир Аршба Аԥсны Ахада арратә зҵаарақәа рзы иабжьагаҩс дыҟан, 2009 – 2015шш. рзы Аԥсны Амиграциатә маҵзура дахагылан.