Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет аҟны имҩаԥысит аинтерактивтә ҵара "Аусутә хәмарра" аформала "Аменеџьмент" амаҭәар аҟны. Ахәмарра хықәкы хадас иамоуп – еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рҟны ҳаамҭазы аԥызацәа зеиԥшроу аилкаара, астудентцәа рылшара алкаара. Ас еиԥш есышықәсатәи аус еиҿылкаауеит аекономикатә ҭҵаарақәа ркандидат, ААУ аҳәынҭқарратә напхгараҭареи аменеџьменти ркафедра адоцент, абухгалтертә ҳасабрбеи ахылаԥшреи рыҟәша анапхгаҩы Анжела Барцыцԥҳа.
Лара арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ас еиԥш ахәмарра ахықәки астудентцәа ирнаҭо алшарақәеи ртәы.
"Сара излагәасҭо ала алҵшәа бзианы иаиуеит. Ахәыҷқәа даара гәахәарыла рҿазыҟарҵоит", - лҳәеит Барцыцԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.