Арсоу Берзениа 13 шықәса ҵуеит аҟазара амҩа дануижьҭеи. Уи уахь днеит иаб иашьа ибзоураны, зны аҩны иҟаҵаны имаз аскульптурақәа аниба ашьҭахь. Усҟан аскульптура саҿыԥсаауан, уи акәын еиҳарак аус здысулоз ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Арсоу. Уи ашьҭахь иара асахьаркыратә ҵараиурҭахь имҩа хан.
Ацәыргақәҵа атәы адалацәажәо аҟаза иҳәеит, уи иара изы акырӡа шаҵанакуа. Аусумҭақәа нагӡан хәышықәса рыҩнуҵҟа.
"Еиҳарак иӡыргоуп аҿыхынҵа, аха иалагалоуп аскульптуратә усумҭақәагьы. Атематика еиуеиԥшым, аха еиҳа исзааигәоуп апеизажтә усумҭакәа. Ацәыргақәҵахь инауго аусумҭақәа даҽа блак ала иубоит. Иара уусгьы ацәыргақәҵа ашьҭахь ҽакала уазнеиуеит. Уи азы ацәыргақәҵа аҟаза изы даара акраҵанакуеит", – иҳәеит Берзениа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.