Арадио

Хәырхәмалԥҳа Акәасқьа ахәыҷқәа ргәабзиара агәаҭаразы: ҳреихырхәоит иахьымҩаԥыргаз

Адунеизегьтәи аԥсуа-база конгресс иацнаҵоит ақыҭа школқәа рҿы ахәыҷқәа рдиспансеризациа. Ааигәа уи мҩаԥган Акәасқьа ақыҭан. Аус шеиҿкааз атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҭыԥантәи ашкол адиректор Мимоза Хәырхәмалԥҳа.
Sputnik
Аҳақьымцәа ргәыԥ зегьы алархәны ахәыҷқәа ргәабзиара гәаҭан Акәасқьатәи абжьаратә школ аҿы. Ари аус аҭаацәагьы ибзианы иахаҵгылеит, шьыжьнаҵы рхәыҷқәа ирыцны аҳақьымцәа ирылсит ҳәа лҳәеит аиҿцәажәараҿы Хәырхәмалԥҳа.
Адиспансеризациа иахысит 120-ҩык ахәыҷқәеи 18-ҩык арҵаҩцәеи, иара убас ашкол аҿы аус зуа аилыргаҩцәеи ахьчаҩцәеи.
"Ибзианы ҳрыдыркылеит, ҳандәылҵ абарҭ рҩызцәа аҳақьымцәа Аԥсны иҟазма ҳҳәо. Даара ҳгәы иаахәеит, ҳаргьы излаҳалшоз ала рус арманшәаларазы аҭагылазаашьа бзиа рзаԥаҳҵеит", - ҳәа азгәалҭеит Хәырхәмалԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.