Аԥсны

Аслан Бжьаниа Очамчыра араион аҿы амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа зауз ақыҭақәа дырҭааит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Очамчыра араион аҿы амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа зауз ақыҭақәа дырҭааит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа ахада изеиҭеиҳәеит аӡы зҵалаз анышәынҭрақәа, аҩнқәа, иқәнаӡәӡәааз амҩақәеи ацҳақәеи шыҟоу, аҭыԥантәи ауааԥсыра еимадарада ишынхаз.
Кәтол ақыҭа ахада Геннади Ҵлаиа иажәақәа рыла, 15 ҩны аԥхасҭа роуит. Џьгьарда ақыҭа ахада Адамыр Амҷба иажәақәа рыла, 8 ҩнык аӡы рыҵалеит, ацҳа ахьықәнагаз азы быжь ҭаацәарак рыҩнқәа рахь узнеиуам.
Зынӡа араион аҿы 35-40 рҟынӡа ҩны ааха роуит. Аиқәырхаҩцәа аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара иаҿуп.
Аԥсны
Очамчыра араион ақыҭақәак аӡы рыҵалеит ақәаршыҩ иахҟьаны
Бжьаниа Акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба анапынҵа ииҭеит аилахәыра "Аԥсныҟәарахьчара" иатәу атехника Џьгьардеи Кәтоли ақыҭақәа рахь ииеигарц.
Ахада иҳәеит аԥхасҭа амҽхак аныԥхьаӡахалак ашьҭахь аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рҿы ацхыраара шыҟаҵахо.