Арадио

Кәыҵниа еиҭеиҳәеит аԥсуа курсантцәа Аиааира Ду апарад Тверь ишалахәыз

Sputnik
Раԥхьаӡа акәны Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыда аминистрра акурсантцәа фҩык алахәын Тверь ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Аиааира Ду апарад. Дара шьаҿеиқәшәала имҩасит Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу Абылраҽацәыхьчаратә маҵзура академиа агәыԥқәа ирыланы.
Аԥшьбатәи акурс аҿы аҵара зҵо Ерик Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит апарад алахәхаразы мызкы иназынаԥшуа рышҽазыҟарҵоз.
"Даараӡа сгәы иаахәеит уи апарад схы ахьаласырхәыз. Ҳфакультет аиҳабы уи азы иҭабуп ҳәа исҳәоит. Апарад ҳҽалаҳархәырц азы мызкы аҟара ҳҽазыҟаҳҵон", - иҳәеит Кәыҵниа.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны аудиофаил аҟны хыхь.