АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Очамчыра араион аҟны қыҭақәак аӡы рыҵалеит лаҵара 13 рзы иауз ақәаршыҩ иахҟьаны. Абри атәы аанацҳаит АҶА апресс-маҵзура.
Ақыҭақәа Кәтол, Џьгьарда, Ӷәада, Аҭара ақыҭақәа рҟны амҩақәа, ацҳақәа, анышәынҭрақәа аӡәӡәеит, аҩнқәа ирыҩналеит.
Араду ақыҭан аҵла аҩны иақәҳаит. Ааха зауз ҳәа аӡәгьы иӡбахә ыҟам. Кындыӷи Тамшьи ақыҭақәа иахьрыҵанакуа ареспубликатә мҩаду аӡы ахыҵәеит.
Аҭыԥ аҿы аус руеит аиқәырхаҩцәеи атехника ҷыдеи. Аҭыԥ аҿы дыҟоуп АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.