Аԥсны

Убириаԥҳа амедиаҳәшьа лзы: деилыхха, деиҿкааны дыҟазароуп

Sputnik
Лаҵарамза 12 рзы Амедиаҳәшьа адунеизегьтәи лымш азгәарҭоит. Ари аныҳәа инамаданы арадио Sputnik Аԥсны ахь ааԥхьара лыҭан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Агәымшәараз амедал" занашьоу, 30 шықәса инеиԥынкыланы Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы аус зуа Саида Убириаԥҳа. Лара дызнысыз амҩеи, амедиаҳәшьа лџьабааи, уи лус иацу аҭакԥхықәреи дрылацәажәеит.