Арадио

Ақыҭа-нхарҭа ҭыԥуп: Барганџьиаԥҳа Бзыԥҭа лынхашьа иазкны

Sputnik
Бзыԥҭа инхо арҵаҩы, ԥшьҩык ахшара ран Анжела Барганџьиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ақыҭаҟны лымш шалаго, аҩны лнапы злаку аусқәа, лхәыҷра ашықәсқәа раан аџьаус абзиабара лылазааӡаз, ашкол лыԥсҭазаараҟны ҭыԥс иааннакыло, ԥасеи иахьеи ақыҭаҟны аԥсҭазаашьа еиҿлырԥшит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.