Аԥсны

Чкотуа Владислав Арӡынба изы: даҽакала ишаз уаҩын

Sputnik
Ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны раԥхьатәи ахада, иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, аҵарауаҩ ду, амилаҭтә фырхаҵа Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи 79 шықәса аҵра аҽны арадио Sputnik ахь ааԥхьара иҭан ауаажәларратә усзуҩы, ашәҟәыҩҩы, апоет, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Октаи Чкотуа.
Иара ицәажәараҿы агәрагара ааирԥшит аԥсуа жәлар ыҟанаҵ Владислав Арӡынба ихьӡ шрыцзаауа. Чкотуа иажәақәа рыла, Владислав даҽакала ишаз уаҩын. Иара иҳаракыз уаҩын, аха уи уирбаӡомызт, уара иуныруан ихымҩаԥгашьала, ицәажәашьала ҳәа.
Октаи Чкотуа инаҵшьны иҳәеит Владислав Арӡынба иахьа идунеи иԥсаххьазаргьы, игәалашәарала, ихы зқәиҵаз аидеиа ала иахьагьы адиаспораҟны, аԥсуа жәлар рыбжьара аус иуеит ҳәа.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.