Арадио

Габелаиа Дӷамшь ахыҵразы: анхацәа рацәажәарагьы ҳацәыԥхашьоит

Аӡиас Дӷамшь ахыҵра иахҟьаны Очамчыра араион ақыҭақәа ирнаҭоу аԥхасҭа атәы, насгьы, аӡиасқәа рышьҭра ррыцқьарақәа аус араион аҿы хылаԥәра абанӡамоу, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Очамчыра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа.
Sputnik
Очамчыра араион аҟны аӡиас Дӷамшь хыҵит амшцәгьа иахҟьаны. Џьгьарда, Кәтол, Аҭара ақыҭақәа рҿы аӡы амҩақәа, ацҳақәа, аҩнқәа аԥхасҭа рызнауит.
Артемон Габелаиа иажәақәа рыла еиҳарак ааха зауз ақыҭақәа Џьгьардеи Кәтоли роуп. Џьгьарда ақыҭан ихыз ацҳақәа ҩба арбгеит. Аӡиас ихықәгылаз афымцатә шьаҟақәа ҵнаӡәӡәааит, анхацәа лашарада иаанхеит.
"Шьыжьнаҵы "Аҟәарахьчара" аҟынтә ртехника ааганы идыргылахьан. Дара араион аҿы аус руан, аӡышьҭрақәа дрыцқьон Беслахә ақыҭан, нас Ҭхьына, уажәы ииаргеит, еиҭа амшцәгьак ҟаланы аӡы мхыҵырцаз аусурақәа мҩаԥыргоит. Џьгьарда жәабаҟа ҭӡы рҿы аӡы ҩналеит, иара убас Кәтолгьы. Ауаа рымхәырсҭақәа, руҭрақәа, аԥсаатә ахьагаз ыҟоуп. Акомиссиа аԥҵоуп, анхацәа ироуз аԥхасҭа аилкааразы. Иаарласны ашәҟәқәа Аҟәаҟа ишьҭхоит", - ҳәа азгәеиҭеит Габелаиа.
Џьгьарда ақыҭа аӡы зҵалац роуп уажәгьы изҵалаз. Усҟан аӡышьҭрақәа рыцқьан, ҳәа азгәеиҭеит ицәажәараҿы Габелаиа, аха дара еимаҳауеит. Ақыҭақәа рҿы иҟоу егьырҭ аӡиасқәагьы ауадаҩра рыцуп, аусурақәа цон аӡышьҭрақәа рырҭбааразы, Џьгьардеи Кәтоли инеираны иҟан атехника, аха аусурақәа мҩаԥгахаанӡа аӡы хыҵит, иҳәеит араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.