Аԥсны

Акәашарақәа рныҳәа: имҩаԥысит афестиваль "Аӡыхь"

Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә акәашаратә ансамбльқәа XXVI реицлабра "Аӡыхь" мҩаԥысит лаҵара 15-16 рзы.
Sputnik
Афестиваль аҩбатәи амш азы иқәгылаз Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыԥшь араионқәеи аҳҭнықалақьи рҟынтәи ансамбльқәа инарыгӡеит 30 кәашара рҟынӡа. Иара убас, асценахь ицәырҵит Шәачантәи исасцәаны иааз адыга жәлар рансамбль "Шаԥсыӷтәыла".
Аицлабраҟны иҟан "Аԥсуа жәлар рыкәашара", "Адунеи ажәларқәа рыкәашарақәа", "Ҳаамҭазтәи акәашарақәа", "Ахкынагӡаратә кәашарақәа", "Аестрадатә кәашарақәа" уҳәа егьырҭгьы. Иааидкыланы аҩбатәи амш азы иқәгылеит ансамбльқәа 15.
1 / 10

Акәашаратә фестиваль "Аӡыхь" мҩаԥысит Аҟәа лаҵара 15-16 рзы.

2 / 10

Аԥсны араионқәа рҟынтәи иааз ақәашаҩцәа қәыԥшцәа жәлар рыкәашарақәеи ҳамҭазтәи акәашарақәеи рыла рбаҩхатәра аадырԥшуан.

3 / 10

Афестиваль аҩбатәи амш азы иқәгылеит ансамбльқәа 15.

4 / 10

Акәашаҩцәа рымаҭәа ахәаԥшцәа рылаԥш адхалон.

5 / 10

Акәашаҩцәа қәыԥшцәа рбаҩхатәра уаршанхон.

6 / 10

Ажәытә аԥсуа кәашарагь нарыгӡеит.

7 / 10

Егьырҭ аколлективқәагь рмилаҭтә культура ганха иаанымхеит.

8 / 10

Аҭыԥҳацәа хәыҷқәа иршәыз амилаҭтә маҭәа иагәылҷҷаауан.

9 / 10

Ақәашацәа ргәалаҟара умбар залшомызт.

10 / 10

Зегь раасҭа иқәыԥшӡаз акәашацәа напеинҟьарыла ирԥылеит.