Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: аҭоурыхдырыҩ Сариа Лакәаба лхаҭара иазкны

Sputnik
Аԥсуа политикатә усзуҩ, ареволиуционер, Аԥсны жәлар рхақәиҭра азықәԥаҩ Нестор Лакәаба иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакәаба диижьҭеи 120 шықәса ҵуеит лаҵарамза 16 рзы. Сариа лхаҭара, лыгәаӷьра аҭоурыхдырыҩцәа хәшьарас иарҭои, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, аҭоурыхдырыҩ Аслан Габелаиа.
Аԥсны аҭоурых азы аҵак ду змаз усуп лара лхымҩаԥгашьа, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Габелаиа.
"Сариа доуҳамчк змаз ԥҳәызбан, ахаҵамԥхәысра ахаҿра змаз, агәаӷьра ду змаз. Уи дҿарԥшыган даанхоит аԥсуа ҭоурых аҿы, иага аполитикатә система ақәыӷәӷәара аманы иҟазаргьы, Нестор Лакәаба имҩаԥигоз аполитика, Аԥсны аиашара, Аԥсны жәлар рхақәиҭра, ркультура ахьчара, абри зегьы аарԥшра лыллыршеит", - ҳәа иҳәеит аҭоурыхдырыҩ.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.