Аԥсны

Урыстәылатәи Аицџьынџьуаа реиҿкаара ахәбатәи ртәылатә конференциа аатит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Урыстәылатәи Аицџьынџьуаа реиҿкаара ахәбатәи ртәылатә конференциа "Аицџьынџьуаа ракзаара аҿиара иаҵаҵӷәуп" аатит Аҟәа.
Иара иалахәуп шәҩык инареиҳаны аделегатцәа. Аиҿкаара ахантәаҩы Олег Иурченко иажәақәа рыла, уи аԥҵоижьҭеи, хышықәса рыҩнуҵҟа 200 рҟынӡа уснагӡатә мҩаԥган.
Еихьӡара хаданы иԥхьаӡоуп:
15 еиҿкаара рҟынтә актив аизакра;
Аиҿкаара азинтә центр аусура;
Аԥсны араионқәа рҿы ауаа рацәа злахәу уснагӡатәқәа ахьымҩаԥыргаша аҭыԥқәа раԥҵара;
КСОРС аофис аартра;
абиблиотека ашьаҭаркра;
Аибашьра Ду абаҟақәеи амемориалқәеи рышәҟәынҵа аԥҵаразы аусутә гәыԥ аԥҵара;
КСОРС иуристтә хаҿык аҳасаб ала ашәҟәҭаҩра;
Адунеизегьтәи акоординациатә хеилак раԥхьаӡа акәны Аԥсны КСОРС аилазаара иаҵанаркит.