Гәдоуҭеи Очамчыреи рраионқәа 19-19 тонна аџьықәреижәла рзоурыжьит. Гәдоуҭа ажәлақәа ашара иалагахьеит.
Очамчыра араион аҿы 27 қыҭа ыҟоуп. Зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа хәыда-ԥсада адгьылқәа рзыцәаӷәарцаз аҳәынҭқарра аҟынтә адҵа ыҟан. Аха, уи адагьы урҭ аҭаацәарақәа ирзыршоит аџьықәреи ажәлагьы.
Анхаҩцәа ажәлақәа рыҭара аидеи шцәырҵыз атәы далацәажәеит Нугзар Џьынџьал. Иара иҳәеит, аханатә уи Урыстәылантәи иааргарц шырҭахыз, аха анаҩс Гал ишырыԥшааз.
"Ажәла Гал араион аҿы иаахәан. Ҵыԥх аарҩара ыҟан, аха уахь адгьылқәа ҽакуп. Уа ирыман аԥш, убри ирыԥшааит. Иаҳбац аԥсуа аԥш ажәла", - иҳәеит Џьынџьал.
Нугзар Џьынџьал еиҭеиҳәеит араион аҿы аԥш рызшара ианалаго атәы, насгьы изыҭатәу рсиақәа шеиқәдыршәо. Иааидкыланы 800 ҭӡы иреиҳаны ироуеит ажәла. Иара убри адагьы, Гәдоуҭеи Очамчыреи рраионқәа 20-20 тонна абылтәы рыҭахоит. Ахарџьқәа аҳәынҭқарра ахахы иагоит. Ари анхаҩы иус армариоит ҳәа инаҵишьит Џьынџьал.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.