"Сармати" ҳареи аиҩызара ҳабжьоуп, аицлабрақәа рахь ҳанцо лассы-лассы ҳаиқәшәалоит, ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараҿы Қриа.
Иара иажәақәа рыла, уажәы ансамбльқәа хаз-хазы рҽазыҟарҵоит. Аха аконцерт ҩымш шагу акәашаҩцәа еиқәшәараны иҟоуп, усҟан иӡбахоит, еицырзеиԥшу аномер шыҟаҵахо ҳәа азгәеиҭеит Қриа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.