Арадио

Қәҭелиа еиҭеиҳәеит сынтәа ашкол медалла алгара зхы ԥызшәо шаҟаҩы ыҟоу атәы

Ашколқәа рҟны сынтәа аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы анго, аԥышәарақәа, азшьақәа ианрылго, шаҟаҩы амедал роур рылшо сынтәатәи аушьҭымҭацәа, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ауаажәлар рымадаразы Аԥсны аҵара аминистрра аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Sputnik
Лаҵарамза 22 рзы Аԥсны ашколқәа рҟны аҵарашықәс хыркәшахоит, азеиԥшҵараусҳәарҭақәа рҟны игоит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы, ҳәа адырра ҟаиҵеит Қәҭелиа.
"Жәаҳәарада, ари есышықәса ргәы хыҭхыҭуа иззыԥшу хҭысуп. Сынтәа арыцхә маҷк еиҭагын, Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵарала амзар аҟны иалагалаз аԥсахрақәа ирыхҟьаны", - иҳәеит Қәҭелиа.
Аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡара 1900 рҟынӡа инаӡоит. Зҵара бзианы ихзыркәшо, амедалқәа риуразы акандидатцәа рхыԥхьаӡара 12 ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьынтә хҩык араӡын медал, жәҩык –ахьтәы медалқәа риуразы рхы ԥыршәараны иҟоуп, иҳәеит Қәҭелиа. Аԥышәарақәа ашколқәа рҟны аушьҭымҭацәа рзы имҩаԥысраны иҟоуп лаҵарамза 30 инаркны рашәарамза 20-нӡа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.