АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Шәачатәи аҳаирбаӷәазаҟны ашәарҭадаратә ԥҟарақәа рӷәӷәахоит.
Росавиациа ас еиԥш атәыла аҳаирбаӷәазақәа зегьы дҵас ирырҭеит.
Напылеидарала ауаҩы игәабзиара иаԥырхагоу амаҭәарқәеи амаругақәеи аҳаирплан иҭарымгаларцаз аԥкрақәа алагалоуп.
Ззин ыҟам: ▪
ахтыгабру;
агәыр;
аԥагатә ҵәқәеи зҿы 60 мм иеиҳам амаркатылқәеи;
зҿы 60 мм иеиҳам аҳәызбақәа;
аџьуатә шоурашәага;
аџьуатә ҳауагәаҭагеи аџьуатә манометри.
Апассаџьырцәа аҳаирбаӷәаза заанаҵы иаҭаарц рабжьыргоит.