Убла хызкуа аԥсабаратә цәырҵра ҩадатәи акаԥхара ааигәа аӡиа Риҵа иахьаҵанакуа иҟан. Изаку иара, ишԥацәырҵуа, насгьы шәарҭарас иаҵоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны аекологиа аинститут аусзуҩ Асида Ахсалԥҳа.
Аҩадатәи акаԥхара, убасгьы аполиартә каԥхара ҳәа ззырҳәо цәырҵуеит адгьыл амхылдызтә сфереи амра аԥшеи реидыслараан. Еиҳараӡакгьы ус еиԥш икаҷҷоит амра аҟны алашара ацәырҟьараан. Амра аԥша-уи амра хыхьтәи ахәҭа иадҵо апротонқәа, аелектронқәа, иеиҵаҵоу аҟәырҷахақәа роуп. Амхылдызтә қәыԥшылара анырра иабзоураны дара адгьыл аполиусқәа рахь еихоит. Урҭқәа роуп изхылҿиаауа акаԥхара.
"Аҩада иаԥну адгьылқәа рҿы ашықәс аҩнуҵаҟа 10-20 рҟынӡа ҟалалоит ас еиԥш аԥсабаратә цәырҵра. Аԥсны ари лассы-лассы иаҳбо акәӡам. Иара ациклқәа амоуп, амра ациклқәа ҳәа изышьҭоу. Уи ҩышықәса, хәышықәса, быжьшықәса, жәеиза шықәса. Ари еиҳараӡак адунеи зегьы ахьынӡанаӡааӡо амра ациклқәа роуп. Иара шәциклк рҟынӡа амоуп. 30 шықәса инареиҳаны знык иҟало цәырҵроуп Аԥсны азы", - лҳәеит Ахсалԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.